Саули Ниинисте – Иахьазы ҳара ҳзы Украина ахадаратә ҵакы шамоугьы, иаҵшьны иазгәаҳҭоит Қырҭтәылеи, Молдовеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи рыдгыларагьы аҵакы ду шамоу

15:12, 17.05.2023

«Иахьазы ҳара ҳзы Украина ахадаратә ҵакы шамоугьы, иаҵшьны иазгәаҳҭоит Қырҭтәылеи, Молдовеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи рыдгыларагьы аҵакы ду шамоу», — иҳәеит Финлиандиа ахада Саули Ниинисте Реикиавик имҩаҧысуа асаммит аҿы.

Ниинисте ишазгәеиҭаз ала, Финлиандиа, Европа Ахеилак алалара иазку Косово аҽазышәара иадгылоит.

«Урыстәыла Украина иаҿагыланы агрессиатә еибашьра нанагӡоит. Раҧхьа иргыланы, уи Украинеи аукраин жәлари, иара убас, Европа Ахеилак шьаҭас иамоу ахадаратә принципқәеи ржәылароуп иаанаго. Аҭынчра, аусеицура, ауаҩытәыҩса изинқәа, адемократиа, азакәан аиҳаӡара уҳәа, ҳара абарҭ аҧхықәрақәа зегьы наҳагӡароуп.  Иахьа, зеиҧшҟамлац ала Украина ҳадгылоит.  Иахьазы ҳара ҳзы Украина ахадаратә ҵакы шамоугьы, иаҵшьны иазгәаҳҭоит Қырҭтәылеи, Молдовеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи рыдгыларагьы аҵакы ду шамоу. Финлиандиа, Европа Ахеилак алалара иазку Косово аҽазышәара иадгылоит.  Аҧҟарақәа рышьаҭала иаҧҵоу аганрацәалатә система ашәарҭара ианҭагыло, ҳара Европа Ахеилак ҕәҕәала ҳадгылароуп», — иҳәеит  Ниинисте.

 

Еиԥшу