Венесуела 2 адгьылҵысраки еиҭаҟалаз аахақәеи арбгара ду рхылҵит, 32ҩык иреиҵамкәа ҭахеит, 700ҩык аахақәа роуит

10:32, 25.06.2026

Венесуела иҟалаз 2 адгьылҵысраки  30 раҟара  „афҭершокқәеи“ рышьҭахь Каракаси егьырҭ аҭыҧқәеи рҿы ахыбрақәа еилаҳаит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла,  32ҩык иреиҵамкәа ҭахеит,  700ҩык аахақәа роуит.  „Роитер“ ари аинформациа аланарҵәеит Венесуела ахада Делси Родригес лҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.

Делси Родригес лҳәамҭала, арҭ адыррақәа ирылам Каракас ааигәара иҟоу Ла Гуаира  ақалақьаҿ  иҭахаз ауааҧсыра.

Адгьылҵысра амшала, Родригес атәылаҿы аҭагылазаашьа ҷыда рылалҳәеит.

„Роитер“ адыррақәа рыда, 2 адгьылҵысрак минуҭк еиҵны рыбжьан. Раҧхьатәи адгьылҵысра  7.2 магнитуда амч аман. Минуҭкгьы мҵыкәа иҟалаз егьи адгьылҵысра иаҳа иҕәҕәан, уи  7.5 магнитуда амч аман. Америка агеологиатә маҵзура аинформациа инақәыршәаны, иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара  10 000ҩык иреиҳахар ҟалап.

Еиԥшу