Иракли Кобахиӡе – Ҳтәыла аекономикатәи атранспорттәи потенциал аҿиаразы даара акрызҵазкуа хҭысны иҟоу Ԥуҭтәи абаӷәаза ҿыц аргыларазы ауасхыр шьақәҳаргылоит
“Сара сзы гәырӷьара дууп иахьа Поти ақалақь аҿы аԥшаҳәа ҿыц аргыларазы ауасхыр ахьҳашьҭоу, уи ҳтәыла аекономикатәи атранспорттәи потенциал аҿиаразы зегь реиҳа ихадоу хҭысуп”, – ҳәа иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе, Ԥуҭи абаӷәаза ҿыц аргылара алагара ацеремониа аҿы ажәахә ҟаҵо.
Анаԥхгара ахада иажәақәа рыла, амшынтә баӷәаза Поти арҭбаара Қырҭтәыла арегионалтә логистикатә центр аҳасабала аҽшарӷәӷәо даҽа шьақәырӷәӷәароуп.
Ари апроект аҳәынҭқарреи, Қырҭтәылатәи абизнеси, Америкатәи афинанстә еиҿкаарақәеи еицырзеиԥшу хықәкык аҿы еиднакылоит. Ҷыдала ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Америкатәи Аидгыла Жәларбжьаратәи Афинанстә Аҿиаратә Корпорациа.
Убри аан, иҷыдоу аҵак ду амоуп ари апроект ду аԥшьгаҩи анагӡаҩи Қырҭтәылатәи акомпаниа шакәу. Акомпаниа Пеис Групп ақәҿиарақәа иаадырԥшуеит аҭыԥантәи абизнес ажәларбжьаратә партниорцәа рыцхыраарала ҳҳәынҭқарра аекономикатә ԥхьаҟатәи аԥеиԥш шьақәзыргыло апроект дуқәа рынагӡаразы аҟазареи аресурсқәеи зегьы шрымоу», – ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.