Америка ацҳаражәҳәарҭа – DFC аилахәыра PACE Group аҟны 25 миллион адоллартәи аҩбатәи аҧсахтәтә еиқәшаҳаҭра аднакылеит, ари аҧара Ҧуҭ абаҕәаза ҿыц аҩбатәи аҕбаргыларҭа аргылара иаларҵоит

11:15, 25.06.2026

Америка жәларбжьаратәи аҿиара афинанстә корпорациа  (DFC)  аилахәыра  PACE Group аҟны  25 миллион адоллартәи аҩбатәи аҧсахтәтә еиқәшаҳаҭра аднакылеит. Ари аҧара Ҧуҭ абаҕәаза ҿыц аҩбатәи аҕбагыларҭа аргылара ахыркәшара иаларҵоит, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа иаланарҵәаз аинформациаҿы.

Дара рдыррақәа рыла, ари апроект амҩаҧгара абзоурала,  Ҧуҭтәи абаҕәаза шықәсыкала миллионк тоннала еиҳаны аидара амҩангара алшоит,  ахадаратә ҵакы змоу аинфраструктура иаҳа иҕәҕәахоит,  Атранскаспиатә корридор инаваршәны ахәаахәҭра ашәарҭадареи аеффективреи еиҕьхоит.

„Зыӡбахәы ҳәоу апроект  DFC-и  PACE Group-и қәҿиарала русеицура иабзоуроуп,  уи аҳәаақәа ирҭагӡаны,   2020 шықәсазы Ҧуҭ амшынтә баҕәаза ҿыц атерминал арҭбаареи аргылареи иазоурышьҭит  50 миллион адоллар аҧсахтә.

DFC – Америка аиҳабыра жәларбжьаратәи ринвестициатә агентроуп. Уи Америка адгылаҩцәеи апартниорцәеи рекономикатә аҿиара иацхраауеит“, – иануп ацҳаражәҳәарҭа аинформациаҿы.

Еиԥшу