Сақстат 2024 шықәсазы ауааԥсыра ашәҟәы рынҵара иалагоит
Сақстат 2024 шықәсазы ауааԥсыра ашәҟәы рынҵара иалагоит

Астатистиказы амилаҭтә маҵӡура иахьа, рашәара 5 инаркны,  2024 шықәсазы ауааԥсыра ашәҟәы рынҵара аҽазыҟаҵаратә усурақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Имереҭтәи арегион иаҵанакәа амуниципалитетқәа зегьы  рҿы аинформациа аизгара алагеит.

Сақстат аинформациа ала, актәи аетап иаҵанакәа аусурақәа арҭ амуниципалитетқәа рҿы иҟоу ахыбрақәеи урҭ рҿы инхо ауааԥсыреи рсиа ашьақәыргылароуп.

„Ауааԥсыра ашәҟәы рынҵара ашьаҭатәи дыррақәа реизгара 2024 шықәса абҵара  14 инаркны ԥхынҷкәын 19-нӡа мҩаԥгахароуп, усҟан ауааԥсыра ирызкәа детальтә дыррақәа, рхыԥхьаӡара, адемографиатәи, асоциал-економикатәи ҟазшьа змоу адыррақәа еизгахоит.

Ауааԥсыра ашәқәы рынҵарақәа атәылаҿ 10 шықәса рахь знык мҩаԥыргоит. Қырҭтәыла ауааԥсыра ашәҟәы рынҵара аҵыхәтәан 2014 шықәсазы мҩаԥган”, – иануп аинформациа аҿы.