Сақстат –2023 шықәсазы Қырҭтәылантә аекспорт зегьы реиҳа идуун Азербаиџьанҟа, аимпорт - Ҭырқәтәылеи ЕАШ-и рышҟа
Астатистика амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, 2023 шықәсзы, Қырҭтәыла аекспорт аҭаӡара наӡа аҿы аекспорт аганахьала ахадаратә апартниортә тәылақәа рыхәҭа 80.3% иаҟаран.
Астатистика амилаҭтә маҵзура аинформациа инақәыршәаны, Азербаиџьан актәи аҭыҧ ааннакылоит, ари атәылашҟа Қырҭтәылантә идәықәҵан 862.1 миллион адоллар рыхә аекспорт, аҩбатәи аҭыҧаҿ игылоуп Шәамахьтәыла — 787.1 миллион адоллар, ахҧатәи аҿы Казахстан — 703.0 миллион адоллар.
Аимпорт аганахьала, 2023 шықәсазы Қырҭтәыла аекспорт аҭаӡара наӡа аҿы аимпорт аганахьала ахадаратә апартниортә тәылақәа рыхәҭа70.5%. иаҟаран. Аҧхьагылара рымоуп Ҭырқәтәыла – 2 570.1 миллион адоллар, ЕАШ— 1 949.3 миллион адоллар, Урыстәыла — 1 744.5 миллион адоллар.
Иара убас, Амилаҭтә астатистикатә маҵзура аинформациа ишану ала, 2023 шықәсазы, аекспорттә категориақәа рыгәҭа аҧхьагылара рымоуп амашьына ласқәа, атәыла иалган 2 126.6 миллион адоллар рыхә амашьынақәа, уи аекспорт наӡа аҟынтәи 34.9%-оуп.