"Сақстат" - 2022 шықәса раҧхьатәи фымз рзы Қырҭтәыла иит 20 195ҩык асабицәа
2022 шықәса раҧхьатәи фымз рзы Қырҭтәыла иит 20 195ҩык асабицәа. Ари аинформациа аланарҵәеит Астатистиказы амилаҭтә маҵзура.
Адокумент инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны атәылаҿы иҧсит 26 681ҩык.
2022 шықәса актәи азбжазы ауааҧсыра рызҳара арбага 6486 иаҟаран.
2022 шықәса раҧхьатәи фымз рзы ҿыц аҧҵан 11 376 ҭаацәарақәа. 6 629 ҭаацәарақәа еилыҵит.