Астатистиказы амилаҭтә маҵзура аинформациа ала, 20221 шықәсазы Қырҭтәыла иит 45946-ҩык ахәыҷқәа, урҭ рҟынтә 23911-ҩык аҷкәынцәа, 22035-ҩык – аӡӷабцәа.
Амаҵзура аинформациа инақәыршәаны, ахшараира арбага ҵыԥх аасҭа 1.2% рыла маҷхеит.Сақстат адыррақәа рыла, ҵыԥх зегь реиҳа ирацәаны асабицәа иит Қарҭ – 14 979-ҩык, зегь реиҳа имаҷны – Раҷа-Лечхәыми-Ҵаҟатәи Шәантәыла – 263-ҩык ахәыҷқәа.
Сақстат адыррақәа рыла, 2021 шықәсазы, 2020 шықәса аасҭа, аԥсра арбага 18.5-нӡа иазҳаит – 59 906-ҩык.
Сақстат адыррақәа рыла, ҵыԥх зегь реиҳа ирацәаны ауаа иԥсит Қарҭ – 17 922-ҩык, зегь реиҳа имаҷны – Раҷа-Лечхәыми-Ҵаҟатәи Шәантәыла – 874-ҩык.