Сақстат - Ԥхынҷкәын азы аусура зылшо ахацәа рзы Қырҭтәыла ахныҟәгаратә минимум иазҳаит 253,5 лари аҟынӡа
Сақстат - Ԥхынҷкәын азы аусура зылшо ахацәа рзы Қырҭтәыла ахныҟәгаратә минимум иазҳаит 253,5 лари аҟынӡа

Амилаҭтә статистикатә маҵзура адыррақәа рыла, ԥхынҷкәын азы аусура зылшо ахацәа рзы Қырҭтәыла ахныҟәгаратә минимум иазҳаит 253,5 лари аҟынӡа.

Амилаҭтә статистикатә маҵзура адыррақәа рыла, абҵаразы, Қырҭтәыла,  ахныҟәгаратә минимум 255.1 лари иаҟаран, ԥхынҷкәын азы ари арбага 1.6 лари рыла маҷхан, 253.5 лари иаарахеит.

2021 шықәса инаркны, астатистикатә усурақәа рпрограмма ҿыц инақәыршәаны,  Амилаҭтә статистикатә маҵзура абарҭ арбагақәа рышьақәыргылара иазку  аусура мҩаҧнагом.  Амаҵзураҿы ишырҳәаз ала,   апланшьҭыхра аума, аӡбарақәа рыдкылара аан аума,  иашьашәалоу аструктурақәа зыӡбахәы ҳәоу аиндикатор  џьаргьы рхы иадырхәом.