Сандро Базаӡе Аҳаҭыртә орден ианаршьоит
Сандро Базаӡе Аҳаҭыртә орден ианаршьоит

Ақырҭуа  аҳәеилышьҩы Сандро Базаӡе Аҳаҭыртә орден ианаршьоит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла аиҳабыра.

Сандро Базаӡе раԥхьаӡа акәны адунеи дачемпионхеит. Қырҭтәыла имҩаԥысыз Аҳәеилышьрaзы Адунеизегьтәи ачемпионат аҿы, 31 шықәса зхыҵуа Базаӡе 15:9 ҳәа  афранцыз Жан-Филипп Патрис дииааит. Сандро Базаӡе адунеи ачемпионат аҿы иигаз ари ахԥатәи амедаль ауп. 2022 ашықәсазы аџьазтә  медаль иоуит, 2023 ашықәсазы – араӡнытә медаль. Иара убас,  ақырҭуа  аҳәеилышьҩы ҩынтә Европа дачемпиохеит.