Саломе Зурабишвили – Урыстәылаҟны ишиашо авиааимадара аиҭашьақәыргылара сақәшаҳаҭым
«Урыстәылаҟны ишиашо авиааимадара аиҭашьақәыргылара сақәшаҳаҭым», — азгәаҭоуп Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.
Атәыла ахада ишылҳәаз ала, «ҳпартниорцәа зегьы ажәалагьы ауслагьы абри ақәҧараҿы Украина ианадгыло аамҭазы, ҳтәыла анапхгареи анапхгратә партиеи рпозициа сзеилкаауам, агәра ганы сыҟоуп ҳуааҧсыра реиҳарагьы абас ргәы ишаанаго».
«Ари апозициа арҕәҕәаразы рхы иадырхәо аргумент еилыскаауеит, Урыстәыла инхо ақырҭуаа ирыцхраар рҭахушәа рҳәеит. Мызқәак ҵуеит сара ақырҭуаа атәылауаҩра рыҭара акритериқәа рырмариара салацәажәоижьҭеи, аха, уи макьана алҵшәа ахылымҵит — абри азҵаароуп аҳәаанырцә инхо ҳаитәылауаа зегьы реиҳа изыргәамҵуа.
Уажазы, Урыстәыла ажәытә триукқәа ҳхамшҭзар, ибзианы еилаҳкаароуп абри аҩыза атемақәа рықәыргылара ала Кремль хықәкы заҵәык шрымоу, ҳтәыла аҩныҵҟа ҳаиҿадыргылар рҭахуп, насгьы, ҳареи мрҭашәаратә ҳпартниорцәеи ҳаиҿадыргылар рҭахуп.
Уи еиҧш алашара раҳамҭароуп!
Убри ацынхәрас, изныкымкәа аиҳабыра ишрасҳәахьаз еиҧш, ҳтәылаҿы Урыстәыла атәылауаа рхыҧхьаӡара ацлара азҵаара шьаҭанкыла иҭҵаатәуп, асоциалтәии аполитикатәи параметрқәа зегьы рыла, избанзар, ҳуааҧсыра агәра ганы иҟазароуп рмилаҭтә интересқәеи ршәарҭадареи шыхьчазаауа.
Арегулиациақәа шьақәыргылатәуп – аусура азин иазкны, абизнес арегистрациазы, амал аахәаразы, мамзаргьы, аурыс школқәа раартразы.
Иара убас, аҧыррақәа реиҭашьақәыргылара ацынхәрас, ҳаиҳабыра ҳтәыла арепутациа иазхәыцыр еиҕьын, атәыла иазықәдыргылаз ахарадҵарақәа рзы аҭак ҟарҵароуп — Қырҭтәыла ахархәарала асанкциақәа рывсра ауп сызлацәажәо.
Абарҭ азҵаарақәа зегьы исериозу аҳәынҭқарратә азнеишьа рҭахуп, афактқәа рыла ахарадҵарақәа раҧыхра аҭахуп!», — азгәаҭоуп Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.