Саломе Зурабишвили – Урыстәылаҟны алибералтә авизатә режим аиҭахәаҧшра ҳақәшәар ҟалап
«Урыстәыла атәылауаа Қырҭтәылаҟа раара проблемас иаҳзыҟалеит, Урыстәылаҟны алибералтә авизатә режим аиҭахәаҧшра ҳақәшәар ҟалап», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.
Зурабишвили лҳәамҭала, атәыла анапхгара авизатә режим иазкны аӡбара рыдыркылароуп.
«Урыстәыла атәылауаа Қырҭтәылаҟа раара проблемас иаҳзыҟалеит. Уи шәарҭароуп ҳәа сзыҳәом, аха, иаауа ауааҧсыра иреиуп уажәы Урыстәыла инхо Қырҭтәыла ҧасатәи атәылауаагьы. Еиуеиҧшым амзызқәа рыла Қырҭтәылаҟа иаауа Урыстәыла атәылауаагьы рацәоуп. Ҳуааҧсыра агәра ганы иҟазароуп ахылаҧшратә механизмқәа зегьы ахархәара шрымоу. Убри азыҳәан иаҳа акоммуникациа аҭахуп, ауаа аинформациа наӡа рыҭатәуп. Аҳәынҭқарра ашәарҭарақәа зегьы азҧхьагәанаҭароуп, иашьашәалоу ауснагӡатәқәа мҩаҧнагароуп.
Иара убас, Урыстәылаҟны алибералтә авизатә режим аиҭахәаҧшра ҳақәшәар ҟалап, избанзар урыстәылатәи агрессиа аҭагылазаашьаҿы уажәазы иҟоу арежим ҳзыманшәалам. Аха, ари азҵаара атәыла анапхгареи ажәлари роуп изыӡбаша», — илҳәеит Зурабишвили.