Саломе Зурабишвили – Украинатәи ақалақь Днепр анхарҭатә ҩны гәымбылџьбарала ажәылара сақәыӡбоит, уи жәларбжьаратә зин анормақәа реилагароуп
Украинатәи ақалақь Днепр анхарҭатә ҩны гәымбылџьбарала ажәылара жәларбжьанатә зин анормақәа реилагароуп, — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили украинатәи ақалақь Днепр анхарҭатә ҩны алахысра афакт данахцәажәоз.
«Украинатәи ақалақь Днепр анхарҭатә ҩны гәымбылџьбарала ажәылара иааҧҵәаны сақәыӡбоит. Аҭынчуаа рзы абас амч ахархәара ҟалом, уи жәларбжьаратә зин анормақәа зегьы реилагароуп. Украина, Днепр қалақьаҿзуацәазцәыӡыз ауааҧсыра зегьы ҳрыдгылоуп», — илҩит Саломе Зурабишвили Twitter аҿы.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иацтәи, украинатәи ақалақь Днепр анхарҭатә ҩны азы урыстәылатәи авиациала имҩаҧгаз аракетатә жәылараан иҭахеит 20ҩык, 73ҩык ахәрақәа роуит.