Саломе Зурабишвили – Ваке апаркаҿ иҟоу, Аҩбатәи адунеитә еибашьра иазку амемориал ирҿыцны иҟаҵатәуп уи Қырҭтәыла ахьыҧшымра иазықәҧоз ауааҧсыра зегьы ирызкызаарц
Аинициатива ҿыц шәыдазгалар сҭахуп, уи макьана инагӡам, аха, сара агәыҕра сцәыӡуам, шықәсқәак рыҩныҵҟа ари аидеиа сгәы иҭоуп, Қарҭ ахадеи егьырҭи ашәҟәқәа рзызҩхьеит, Қарҭ, Ваке апаркаҿ, Аҩбатәи адунеитә еибашьра иазку амемориал ирҿыцны иҟаҵатәуп, — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.
Лара лажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу амемориал Қырҭтәыла излахәыз ақәҧарақәа зегьы ирызкызароуп.
«Ари амемориал арҿыцны иҟаҵатәуп, уи, Аҩбатәи адунеитә еибашьра мацара акәымкәа, ари атәыла изхысыз аибашьрақәеи ахьыҧшымра иазықәҧоз ауааҧсыреи ирызкызароуп. Ҳара аҧсҭазаараҿы аидгылара ҳцәыуадаҩзар, амемориал аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳҽеидаҳкылар ҟамлои, уи акрызҵазкәа дыргас иаҳзыҟалон. Иара убас, уи иаҳа ҳаҳаҭыр шьҭнахуеит, аҳәаанырцәтәи асасцәа амемориалашҟа инаганы, Қырҭтәыла аҭоурых рзеиҭаҳҳәар ҳалшоит, мамзаргьы, ҳхылҵ ҳтәыла аҭоурых иреиҕьу адаҟьақәа рзааҳарҧшуеит», — илҳәеит Зурабишвили.