Саломе Зурабишвили  «Славковтәи аформат» алахәылацәа драцәажәеит Еврокомиссиа абжьагарақәа рынагӡара апроцессаҿ иҟоу аҳасабтәқәа рзы  
Саломе Зурабишвили  «Славковтәи аформат» алахәылацәа драцәажәеит Еврокомиссиа абжьагарақәа рынагӡара апроцессаҿ иҟоу аҳасабтәқәа рзы  

 

 Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рханаҿ  «Славковтәи аформат» алахәылацәа  — словакиатәи, чехиатәи, австриатәи ареспубликақәа рпарламентқәа рхантәаҩцәа лыдылкылеит.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала,  «Славковтәи аформат»  рвизит алагьы иубарҭоуп атәылақәа реизыҟазаашьақәа аҵакы ду шрымоу.

Аиҧылара алахәылацәа Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара апроцесси, Еврокомиссиа абжьагарақәа рынагӡареи, ари аганахьала иҟоу апроблемақәеи  ирзааҭгылеит.  Атәыла ахада ишылҳәаз ала, Қырҭтәыла аҩынтәраангьы акандидат астатус арымҭар ҟалом, избанзар ауааҧсыра  80 наӡына еиҳаны Қырҭтәыла евроинтеграциа иадгылоит.  Аиҧылараҿы иаҵшьын иазгәаҭан ахадаратә ҵакы змоу абри аетапаан Словакиеи, Чехиеи, Австриеи рҟынтә адгылара аҵакы шамоу.  Аиҧылара алахәылацәа Украина имҩаҧысуа аибашьрагьы иалацәажәеит, ишазгәаҭаз ала, уи европатәи ашәарҭадаразы шәарҭоуп, Урыстәыла аҿагыларазы абџьар хадоуп  —  жәларбжьаратәи аидгылара.