Саломе Зурабишвили, Шарль Мишель иааҧхьарала, Бриуссель имҩаҧысраны иҟоу жәларбжьаратәи конференциа лхы алалырхәоит 
Саломе Зурабишвили, Шарль Мишель иааҧхьарала, Бриуссель имҩаҧысраны иҟоу жәларбжьаратәи конференциа лхы алалырхәоит 

 

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Бриуссель дыҟоуп. 

Атәыла ахада лпресс-маҵзура адыррақәа рыла, иахьа Саломе Зурабишвили  Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель иааҧхьарала,  «Аҳәса аимакқәа рҿы» захьӡу аконференциа лхы алалырхәоит.  

«Бриуссель имҩаҧысуа жәларбжьаратәи аконференциа рхы аладырхәоит аҳәса алидерцәеи аимакқәа рымшала азарал зауз аҳәсеи, урҭ иреиуп Украина  актәи аледи Елена Зеленскаиеи, аструктура «ЕАР-аҳәса» анагӡаратә директор Сима Сами Бахуси, аҭынчразы Нобель импремиа алауреат Надиа Муради», — иануп аофициалтә информациаҿы.