Саломе Зурабишвили – Сара жәларбжьаратәи ауаажәларрахь ааҧхьара ҟасҵоит намысдарала жәларбжьаратәи анормақәа зегьы еилазго Урыстәыла ауранагӡара иааҧҵәаны иақәыӡбарц
«Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа рыла закәандарала Қырҭтәыла атәылауаҩ иаанкылара аҽазкраан ҳтәылауаҩ ишьра афакт сгәы ҧнажәеит», — илҩит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили асоцалтә аҳаҿы.
Атәыла ахада лгәаанагарала, уи ақырҭуа ҳәынҭқарразы ажәылароуп иаанаго.
«Сара, зыҧшра ҟамҵакәа, жәларбжьаратәи ауаажәларрахь ааҧхьара ҟасҵоит намысдарала жәларбжьаратәи анормақәа зегьы еилазго Урыстәыла ауранагӡара иааҧҵәаны иақәыӡбарц», — илҩит Зурабишвили.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, ампыҵахалатә мчқәа Кирбали ақыҭа иазааигәаны аҭыҧантәи анхаҩы закәандарала данааныркылоз ахысра иалаган, Қырҭтәыла атәылауаҩ дҭахеит.