Саломе Зурабишвили – Сара сзы ҳаҭыр дууп абас еилаҵәоу, зхы ҳаҭыр ақәызҵо, игәымшәоу ар рхадас аҟазаара
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ақырҭуа ар Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рымш рыдылныҳәалеит.
«Иахьа, Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рымшуп, ақырҭуа ар рахь схы рханы, даҽазнык иаасырҧшыр сҭахуп ҷыдала ҳаҭыр шрықәысҵо!
Ҳаҭырла, азанааҭдыррала ҳаҧсадгьыл амаҵ зуа аруаа зегьы иахьатәи амш рыдысныҳәалоит!
Сара сзы ҳаҭыр дууп абас еилаҵәоу, зхы ҳаҭыр ақәызҵо, игәымшәоу ар рхадас аҟазаара!
Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рымш шәыдысныҳәалоит!» — иануп Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.