Саломе Зурабишвили – Сара снапынҵақәа шьҭасҵом 
Саломе Зурабишвили – Сара снапынҵақәа шьҭасҵом 

«Сара аоппозициаа ирыбжьазгар сҭахуп: аимиџь ҕәҕәа шәымазар шәҭахызар,  адәахьы шәгылазароуп, сара аҩныҵҟа сыҟазаауеит», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иахьатәи ааҧхьараҿы.

Лара ишылҳәаз ала, Аконституциатә аӡбарҭа аихшьаала еилылкаанӡа ари азҵаара далацәажәар лхаҭымызт.

«Аиаша шәасҳәап, ари атәылаҿы уажәшьҭа акгьы уамашәа избом, аха, иахьа хәыҷык сгәы сыхьит. Иахьа иҳауз алҵшәа уамашәа изымбеит, аха, Аконституциатә аӡбарҭа сгәы снархьит, избанзар, иахьауажәраанӡа ари аӡбарҭахь агәрагара иҟан. Аха, иахьарнахыс ҽакалоуп ишыҟало. Аконституциатә аӡбарҭа иара ахаҭагьы иацәыҧхашьаша аӡбара аднакылеит. Знапы аҵазҩыз аӡбаҩцәа зегьы ари аӡбара иацәыҧхашьароуп. Хҩык аӡбаҩцәа, ишыҟазаалакгьы, раҳаҭыр рыхьчеит. Ҳтәыла ҧырхага ду аиуит, избанзар, атәылаҿы ихьыҧшым аинститутқәа зегьы убас иҿаасҭахеит, ихьыҧшымра зыхьчаша институтк аанымхеит, ак ада  — атәыла ахада лыда», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.

Лара лажәақәа рыла, аимпичмент азҵааразы абжьыҭираан апарламентахь анеира лгәы иҭоуп.

Аконституциатә аӡбарҭа ишьақәнаргылеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Аконституциа шеилалгаз.

«Уи «Ақырҭуа гәахәтәы» даҽа рҽазышәарак ауп, аха, урҭ раамҭа цеит. Сара ргәахәтәы насыгӡом. Сара џьаргьы сцаӡом. Уажәшьҭа дара рхала иазхәыцааит, Саломе Зурабишвили ҧаса акәу уажәы акәу иаҳа данеиҕьаз, сара уажәшьҭа уи саргәамҵуам.  Сара акоуп интересс исымоуп, стәыла иаҳа  сызлахәаша сазхәыцуеит: ихьыҧшым аполитик лаҳасабала акәу, змандат назыгӡо атәыла ахада лаҳасабала акәу.  Иҟало аабап, аха, акоуп ишәасҳәар исҭаху, сара агәра ганы сыҟоуп ҳуааҧсыра зегьы европатәи амҩа ишазыразу, ҳара ҳаидгыланы ари ахықәкы наҳагӡоит, атәыла аҩныҵҟа џьоукы уи ишаҧырхагоугьы, ашықәс анҵәамҭаз ҳгәахәтәы наҳагӡоит, анеҩстәи аетап ҟалоит анеҩстәи ашықәс анҵәамҭазы. Ҳара иҵегьы шықәсык, шықәсыкибжаки ҳамоуп, хымҧада ҳгәахәтәы наҳагӡоит. Зхы иақәиҭу алхрақәа мҩаҧаагоит. Аӡәгьы агәыҕра ицәымӡааит. Ҳаидгылар, уи аҟаҵара ҳалшоит.  Сара апарламентахь сцоит,  дара рҿаҧхьа сықәгыларц азыҳәан  адгылаҩцәа сҭахым. Сара аӡәгьы акгьы сызидицалом, аха,  аоппозициаа ирыбжьазгар сҭахуп: аимиџь ҕәҕәа шәымазар шәҭахызар,  адәахьы шәгыланы, европатәи апринципқәа ирҿагылоу абри аимпичмент азы апротест ҟашәҵа. Сара аҩныҵҟа сыҟазаауеит, ажәа сырҭар, сықәгылоит. Ажәа сырымҭаргьы,  уезгьы, сықәгыланы иҳәатәу расҳәоит.  Атәылаҿы адгылара ҕәҕәа сшымоу здыруеит, уи сцәа ианыруеит, ари адгыларазы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, шәааи, ҳаидгыланы, ари ақәҧара аҵыхәанӡа инаҳгап», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.