Саломе Зурабишвили – Рызынтәгьы сыҧхьатәра аиҧхыӡра иаҟәыҵроуп, сара сахьыҟоу сыҟоуп, аха, иахьаҭаххо зехьынџьара сцоит, уи сконституциатә ҧхықәроуп
Саломе Зурабишвили – Рызынтәгьы сыҧхьатәра аиҧхыӡра иаҟәыҵроуп, сара сахьыҟоу сыҟоуп, аха, иахьаҭаххо зехьынџьара сцоит, уи сконституциатә ҧхықәроуп

«Рызынтәгьы сыҧхьатәра аиҧхыӡра иаҟәыҵроуп, сара сахьыҟоу сыҟоуп, аха, иахьаҭаххо зехьынџьара сцоит, уи сконституциатә ҧхықәроуп», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ ажәлар рахь ааҧхьара аныҟалҵоз.

Лара ишылҳәаз ала,  атәыла ахадас далызхыз Қырҭтәыла ауаажәлар мацара рҿаҧхьа аҭак лыҧхықәуп ҳәа илыҧхьаӡоит. Зурабишвили лажәақәа рыла, Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҧшҵәҟьа, ларгьы агәра ганы дыҟоуп Қырҭтәыла апроблемақәа рыӡбара шыҟало Европа мацара ацхыраарала.

«Убри азоуп сара Берлини, Бриуссели, Парижи сызцо. Хаҭала сара исымоу аимадарақәа схы иасырхәоит, сара сахь ирымоу агәрагара схы иасырхәоит, раҧхьа иргыланы уи шәара шәахь агәрагароуп иаанаго. Шәара, шәықәгыланы, ари аперспектива шәара шәзы ҵакыс иамоу адунеи зегьы идшәмырбазҭгьы,  саргьы абри аҩыза агәрагара смоургьы ҟаларын.  Еиуеиҧшым алидерцәа санырҧыло, дара ибзиаӡаны ирдыруеит шәара сшалшәхыз, ари аҧеиҧшгьы шәара ишалшәхыз.  Убри азоуп изҳадгыло, убри азоуп абас ҳаҭыр сықәҵаны сызрыдыркыло.  Сара сакәӡам уи зыбзоуроу, уи шәара ишәыбзоуроуп, сара   еиуеиҧшым европатәи аҳҭнықалақьқәа рҿы сышәхаҭарнакуп, уи сгәы аздууп.  Иахьа абри аус ду схатә ҧарала ахьыҟасҵо сгәы аздууп, аха, аҳәынҭқарра аган аҟынтә уи ииашам, избанзар, атәыла ахада, абас зҵакы дуу аиҧыларақәа рахь ихатә ҧарала ацара ихәҭам, аха, уи акәӡам аус злоу, сара ари аус насыгӡоит.  Иҵегьы сахьцаша атәылақәа иҟоуп, аплан еиқәыршәаны исымоуп. Иаанхаз ҩымз ма хымз рыла европатәи ахҭнықалақьқәа зегьы срылсны, сгәахәтәы насыгӡоит, шәҧеиҧш сыхьчоит.

Зегьы ирдыруеит Қырҭтәыла уи шаҭаху, Қырҭтәыла ахаангьы Урыстәыла аҿаҧхьа ишхьамҵо, абри ауп иҳахьчаша. Шәара уи шәыхьчеит, хәажәкыра  8 рзы саргьы сшәыдгылеит. Ҳара ари амҩа еицынаҳагӡоит, Қырҭтәыла иахьаҭыҧу аҭыҧанӡа ҳнеиаанӡа еиҧҟьарада  ҧхьаҟацара наҳагӡоит. Атәыла анапхгара уи иақәшаҳаҭхар, даараӡа ибзиахоит. Иақәшаҳаҭымхар,  уи ала рҧеиҧш ӡбахар ауеит. Сара сшәақәгәыҕуеит, шәаргьы  сыгәра жәгар шәылшоит, ҳара, ҳаидгыланы, аҵыхәанӡа ҳнеиуеит», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада.