Саломе Зурабишвили Қырҭтәыла иқәынхо аезидцәа ирыдылныҳәалеит Қарҭ иҟоу езидтәи уахәама амш
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Қырҭтәыла иқәынхо аезидцәа ирыдылныҳәалеит Қарҭтәи аезидтә ныхабаа амш. Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала, арелигиатә ахкырацәара ҳтәыла зырҕәҕәо ашьаҭақәа иреиуп.
«Қырҭтәыла иқәынхо аезидцәа ирыдысныҳәалоит арегионалтә ҵакы змоу аныхабаа «Аеидцәа рзиарат» амш. Аҭынчреи мышхәыбзазареи шәзеиҕьасшьоит. Ҳтәыла арелигиатә ахкырацәара — ҳтәыла абеиареи аҕәҕәареи еиқәзыршәо ашьаҭақәа иреиуп», — илҩит Саломе Зурабишвили асоциалтә аҳаҿы.