Саломе Зурабишвили – Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа рҿы Урыстәылатәи афедерациа ахада иалхрақәа рымҩаҧгара ҟалом, уи закәандароуп
«Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа рҿы Урыстәылатәи афедерациа ахада иалхрақәа рымҩаҧгара ҟалом, уи закәандароуп», — иануп Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.
Зурабишвили жәларбжьаратәи уаажәларрахь ааҧхьара ҟалҵоит атәыла ахьыҧшымра еилазго Урыстәыла азакәандаратә хымҩаҧгашьа иахәҭоу ақәҿыҭра арҭарц.
«Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа рҿы Урыстәылатәи афедерациа ахада иалхрақәа рымҩаҧгара ҟалом, уи закәандароуп. Ари афакт даҽазнык Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи еиланагеит, уи жәларбжьаратәи зин анормақәа ирышьашәалам. Иахьа, Аҧсни Цхинвалтәи арегиони уажәгьы импыҵахаланы ианыҟоу аамҭазы, сара жәларбжьаратәи уаажәларрахь ааҧхьара ҟасҵоит атәыла ахьыҧшымра еилазго Урыстәыла азакәандаратә хымҩаҧгашьа иахәҭоу ақәҿыҭра арҭарц», — иануп атәыла ахада лҳәамҭаҿы.
Қырҭтәыла ахада, иахьа Орбелианиаа рханаҿ Иенс Столтенберг даниҧылоз, даҽазнык ари азҵаара иқәлыргылеит