Саломе Зурабишвили – Қьырса шәыдысныҳәалоит, иахьатәи амш абзиабареи абзиареи иасимволуп, шәызынтәгьы ашәҭыкакаҷреи абзиабареи шәзеиҕьасшьоит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили аиашахаҵаҩцәа зегьы Қьырса аныҳәа ду рыдылныҳәалеит.
Саломе Зурабишвили ишазгәалҭаз ала, иахьатәи амш – абзиабареи абзиареи иасимволуп.
«Ақырҭуааи адунеи иқәынхо аиашахаҵаҩцәеи Қьырса аныҳәа ду рыдысныҳәалоит! Иахьатәи амш – абзиабареи абзиареи иасимволуп. Шәызынтәгьы ашәҭыкакаҷреи абзиабареи шәзеиҕьасшьоит», — азгәалҭеит Зурабишвили.