Саломе Зурабишвили -  Пицунда имҩаҧысуа ахҭысқәа  —  Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аннексиа аформоуп, жәларбжьартәи ауаажәларрахь ааҧхьара ҟасҵоит ари афакт ҕәҕәала иақәыӡбарц
Саломе Зурабишвили -  Пицунда имҩаҧысуа ахҭысқәа  —  Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аннексиа аформоуп, жәларбжьартәи ауаажәларрахь ааҧхьара ҟасҵоит ари афакт ҕәҕәала иақәыӡбарц

«Пицунда имҩаҧысуа ахҭысқәа  —  Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аннексиа аформоуп», — илҩит Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили  Twitter аҿы.

Саломе Зурабишвили жәларбжьаратәи ауаажәларрахь ааҧхьара ҟалҵеит ари афакт ҕәҕәала иақәыӡабарц.

«Пицунда имҩаҧысуа ахҭысқәа  —  Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аннексиа аформоуп.  Ажәлар абарҭ ахҭысқәа ишрықәшаҳаҭым аабоит.  Абри зегьы ҵыхәҧҵәарада инагӡо ампыҵахалароуп изыхҟьаз. Сара иаахҵәаны ари афакт сақәыӡбоит, жәларбжьаратәи ауаажәларрахьгьы ааҧхьара ҟасҵоит ари афакт ҕәҕала иқәыӡабарц», — илҩит  Зурабишвили.

Аҧсны дефакто анапхгара Пицундеи Иысреи иҟоу аҧсшьарҭаҩнқәа Урыстәыла аҭара ргәы иҭоуп.   Иашьашәалоу аиқәшаҳаҭра Москва арнапы аҵарҩит   2022 шықәса ажьырныҳәазы,  аха, ари аинформациа цәырган ҧхынгәы 11 рзы,  де-факто апарламент адокумент ахәаҧшра ианалагаз.  Аҧсуа жәлар ари аиқәшаҳаҭра иақәшаҳаҭымхеит.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә аҧсшьарҭаҩны ахыбрақәеи аргыламҭақәеи Урыстәыла афедералтә ахьчаратә маҵзура иатәхоит, иаҧну адгьылқәа  — 186 гектар  —  аренда ҳасабала Урыстәыла иарҭоит  49 шықәса аҿҳәарала.