Саломе Зурабишвили Чехиа апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира згаз Петр Павел идылныҳәалеит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Петр Павел Чехиа апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира идылныҳәалеит.
«Аинрал Павел, Чехиатәи ареспублика ахадас шәалхра шәыдысныҳәалоит. Ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит, ақырҭуа-чехтәи аизыҟазаашьақәа рырҭбааразы шәара шәҟны аусеицура сақәгәыҕуеит», — илҩит Зурабишвили Twitter аҿы.
Чехиа апрезидент ҿыц далырхит. Алхрақәка аҩбатәи атур алҵшәақәа рыла, аиааира игеит ҧасатәи аинрал Петр Павел.