Саломе Зурабишвили – Очамчыра урыстәылатәи арра-амшынтә база аартра Амшын еиқәеи, Анаклиатәи абаҕәазеи, Қырҭтәыла европатәи амҩеи ршәарҭадаразы аҧжәага дууп
«Урыстәыла азакәандаратә, агәыҧжәаратә, ацәгьауратә аӡбара аднакылеит – Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ, Очамчыра, арра-амшынтә база аартра рыӡбеит. Ари апровокациа Қырҭтәыла мацараз акәымкәа, арегион зегьы азы шәарҭоуп», — иаҳәоуп Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.
Саломе Зурабишвили лажәақәа рыла, уи Амшын еиқәеи, Анаклиатәи абаҕәазеи, Қырҭтәыла европатәи амҩеи ршәарҭадаразы аҧжәага дууп.
«Абри ашьаҿала, Урыстәыла, амшынеиқәатәи арегионаҿ ахатә анырра арҕәҕәара аҭахуп. Сара Қырҭтәыла апартниорцәеи жәларбжьаратәи ауаажәларреи рахь ааҧхьара ҟасҵоит зыҧшра ҟамҵакәа ари афакт иақәҿырҭырц», — иануп аҳәамҭаҿы.
Урыстәылатәи аҭыжьымҭа «Известиа» аинтервиу аҿы импыҵахалоу Аҧсны де-факто ахада Аслан Бжьаниа ишиҳәаз ала, Урыстәыла, Аҧсны, Амшын еиқәа аҟәараҿы, арра-амшынтә мчқәа рзы еснагьтәи апункт ҿыц аҧҵара ргәы иҭоуп.
Ари афакт иадҳәаланы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аланарҵәеит, уи иануп: «Агәынамӡара ааҳарҧшуеит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иацҵаны урыстәылатәи абаза аргылара иазкны иҟаҵаз аҳәамҭеи Аҧснытәи арегион Урыстәыла иаҧшьанагаз аинтеграциатә процессқәа рҿы алахәызаареи иадҳәаланы».