Саломе Зурабишвили мшаҧы 3 рзы аофициалтә визитла Лиетуваҟа ддәықәлоит
Саломе Зурабишвили мшаҧы 3 рзы аофициалтә визитла Лиетуваҟа ддәықәлоит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили мшаҧы 3 рзы аофициалтә визитла Лиетуваҟа ддәықәлоит.

Атәыла ахада ладминистрациа адыррала, Саломе Зурабишвили лҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧгахоит Лиетува апрезиденттә ханаҿ.  Аплан иарбоуп зыҩаӡара ҳаку аиҧыларақәа Лиетуватәи ареспублика ахада Гитанас Науседеи, аҧыза-министр Ингрида Шимонитеи, Сеим ахантәаҩы Викториа Чмилите-Ниелсениси рҟны.

Қырҭтәылеи Лиетувеи рхадацәа, ишиашо, иара убас, ирҭбаау аформатаҿ имҩаҧысуа аиҧылрақәа рышьҭахь, амедиазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.

Қырҭтәыла ахада, Антакалнистәи анышәынҭраҿ, Лиетуватәи ареспублика ахьыҧшымра азықәҧара зхы ақәызҵаз афырхацәа рмемориалаҿ ашәҭқәа шьҭаҵаны, Лиетува ампыҵахалареи ахақәиҭра азықәҧареи амузеи лбоит.

Қырҭтәыла ахадеи Лиетуватәи ареспублика актәи аледии Украина имҩаҧысуа аибашьраан ахҵәацәа рзы иаартыз  украинатәи ацентрахь инеины, украинатәи ахҵәацәа ирҧылоит“, – иануп аинформациаҿы.