Саломе Зурабишвили - Мрагыларатә Украина имҩаҧысуа ареферендумқәа жәаҳәарада ҳрықәыӡбароуп
«Мрагыларатә Украина имҩаҧысуа ареферендумқәа жәаҳәарада ҳрықәыӡбароуп» — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Қырҭтәыла акзаара зхы ақәызҵаз ауаа рмемориалаҿ даныҟаз.
Лара лажәақәа рыла, ацивилизациатә дунеи Урыстәыла абри аҩыза ахымҩаҧгашьа изақәшаҳаҭхом.
«Иахьатәи амш азы иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп – Мрагыларатә Украина имҩаҧысуа ареферендумқәа жәаҳәарада ҳрықәыӡбароуп Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ареферендумқәа рымҩаҧгара иаанаго аадыруеит. Ацивилизациатә дунеи Урыстәыла абри аҩыза ахымҩаҧгашьа изақәшаҳаҭхом», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.