Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили, Кишиниов лусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Молдова апарламент ахантәаҩы Игор Гросу диҧылеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-гантәии аганрацәалатәии форматқәа рҿы атәылақәа русеицура иалацәажәеит. Қырҭтәыла ахада ишазгәалҭаз ала, аҵакы ду амоуп европатәи интеграциа апроцесс аҿы атәылақәа реидгылара.
Молдова апарламент ахантәаҩы ишиҳәаз ала, Қырҭтәылеи Молдовеи рхықәкқәа аполитикатә мчқәа мацара рҭаххара акәӡам изхьыҧшу, уи ажәлар ргәазыҳәароуп – евроинтеграциа ауп ажәлар ирҭаху. Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа адунеигьы Европагьы ахадаратә проблемас ирзыҟалаз, Украина имҩаҧысуа аибашьра иазааҭгылеит.
Қырҭтәыла ахада ишылҳәаз ала, иахьа адунеи даҽа лабҿабарак иҭагылоуп, урыстәылатәи агрессиа ахаҿсахьаҵәҟьа рбеит. Иара убас, аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, сынтәа Қырҭтәылеи Молдовеи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра иазгәарҭоит. Қырҭтәыла ахада ишылҳәаз ала, Молдова зегьы раҧхьа Қырҭтәыла ахьыҧшымра азхазҵаз аҳәынҭқаррақәа иреиуп, 30 шықәса рыҩныҵҟа ари атәыла Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит.
Атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара аиубилеитә рыцхә еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рыла иазгәарҭахьеит — Молдова имҩаҧган Қырҭтәыла амшақәа, иара убас, Қырҭтәылагьы Молдова амшқәа мҩаҧыргараны иҟоуп.