Саломе Зурабишвили - Мап, хаангьы, аӡәгьы ашьауҕа иқәысхом, абжьахәаахәҭра  шәаҟәыҵ  
Саломе Зурабишвили - Мап, хаангьы, аӡәгьы ашьауҕа иқәысхом, абжьахәаахәҭра  шәаҟәыҵ  

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала, аӡәгьы ашьауҕа иқәылхом.

«Мап, хаангьы, аӡәгьы ашьауҕа иқәысхом, абжьахәаахәҭра  шәаҟәыҵ», — илҩит  Саломе Зурабишвили асоциалтә аҳа  Facebook аҿы.

Уаанӡа лара Бриуссель аҳамҭа ҟалҵеит:

«Сара Бриуссель сыҟоуп, Италиа софициалтә визит ашьҭахь  абрахь сааит ҳкандидатура адгылара иазкны Евроеидгыла анапхгара срацәажәарц азыҳәан.

Рыцҳарас иҟалаз, ижәбаз арезолиуциа рыдыркылеит, аха,  ҳтәыла анапхгаратә гәыҧ уи иадҳәаланы иҟарҵаз аҳәамҭақәа уи аасҭагьы  еицәоуп, арҭ аҳәамҭақәа иахьа ҳкандидатура ишахәҭоу ала ахьчаразы алшара сырҭом.  Сара Франциеи, Польшеи, Украинеи сцар сҭахын, избанзар ари аус аҿы ҳаидгылоуп, аха, абри аныҟәаразгьы мап сцәыркит.  Ишсарҳәаз ала, атәыла аиҳабыра ҳкандидатура адгыларазы иаҭахыз зегьы ҟарҵахьеит, уаҳа акгьы аҭахым ҳәа рҳәеит.  Нас, саргьы ацара иахәҭамзар ҟалап ҳәа сгәы иаанагеит. Ҳаиҳабыра иахәҭоу аусура мҩаҧыргом, сара  сымацара атәыла  сзеиқәырхом.

Аконституциала аҭак сыҧхықәуп ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар, Аконституциа  78-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, ари апроцесс ҧхьаҟа ицарцаз исылшо зегьы ҟасҵароуп. Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш ада уаҳа ҧеиҧшк  шамоу  ихасҵом.

Саакашвили иоума, Гварамиа ма Иванишвили иоума, сара ҳхылҵ европатәи рҧеиҧш ахьчара саҟәыҵратәы аӡәгьы изсыдицалом, сара Қырҭтәылаҟа схынҳәны, уаҟа ари аҧеиҧш ахьчара насыгӡоит»,  — илҳәеит  Зурабишвили.