Саломе Зурабишвили Лондон, Ланкастерс-Хаус аҿы, адашшыларатә шәҟәы аҟны анҵамҭа ҟалҵеит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Лондон, Ланкастерс-Хаус аҿы, адашшыларатә шәҟәы аҟны анҵамҭа ҟалҵан, аҳратә ҭаацәареи Иеиду аҳра ауааҧсыреи дрыдашшылеит.
«Иахьа, хаҭала сареи ақырҭуа жәлари ҳахьӡала, акралҧҳәыс Елизавета II лыҧсра иадҳәаланы сшәыдашшылоит. Аҭоурых ари адаҟьа иаркуп, аҭоурых адаҟьа дуӡӡа, ҳара хангьы уи ҳхашҭауам. Иеиду аҳра ауааҧсыра абри аҩыза акралҧҳәыс дахьрымаз иалаҽхәар рылшоит ҳәа сгәы иаанагоит», — илҩит Саломе Зурабишвили.