Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Литватәи ареспублика Сеим ахантәаҩы Викториа Чмилите-Нильсен дылҧылеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Литвеи рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара иалацәажәеит, апарламенттә еизыҟазаашьақәагьы нрылаҵаны. Иара убас, атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра азҵаарагьы иазааҭгылеит.
«Литватәи ареспублика Сеим ахантәаҩы данылҧылоз, Қырҭтәыла ахада Украина имҩаҧысуа аибашьреи арегионаҿ аҭагылазаашьеи дазааҭгылан, ақырҭуа жәлар рыхьӡала Украина даҽазнык адгылара ҕәҕәа азаалырҧшит.
Евроеидгылахь аинтеграциа даналацәажәоз Қырҭтәыла ахада иаҵшьны иазгәалҭеит Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара Евроеидгыла алалара ишақәшаҳаҭу, уи убарҭоуп хәажәкыразы атәылаҿ имҩаҧгаз акциақәа рылагьы. Евроинтеграциа апроцесс уажәтәи аетап азы аҵакы ду амоуп ақырҭуа жәлар адырга ҕәҕәа рыҭара, дара лабҿаба ирбароуп Европа ишрыдгыло. Қырҭтәыла ахада лвизитгьы мшаҧы 18 рзы Европарламентаҿ лықәгыларагьы хықәкык ауп изызкыз, лара Евроеидгыла атәылақәа ақырҭуа жәлар рҭаххара рзаалырҧшыр лҭахын, лаҽазнык идлырбар лҭахын Қырҭтәыла акандидат астатус шахәҭоу.
Аиҧылараҿы Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иуадаҩӡоу агуманитартә ҭагылазаашьа иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, евроинтеграциа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсырагьы алшара дуқәа рнаҭоит.
Иаҵшьны иазгәаҭан НАТОи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи рырҿиареи аҿы Литва инанагӡо ароль ду. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, евроатлантикатә қәыҧшылара арҭбаара аан Қырҭтәыла ганла иаанымхароуп, Вильниус имҩаҧысраны иҟоу НАТО асаммит аҿы Қырҭтәыла азҵаара иҳаракӡоу аҩаӡараҟны иқәыргылазароуп», — иануп атәыла ахада ладминистрациа иаланарҵәаз аинформациаҿы.