Саломе Зурабишвили Ҟрымтәи аплатформа алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟалҵеит
Саломе Зурабишвили Ҟрымтәи аплатформа алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟалҵеит

«Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәыла акандидат астатус ишаиуа,  Украинеи Молдовеи ирывагыланы евроинтеграциа амҩа шынанагӡо. Ҳара Урыстәыла азин аҳамҭароуп Украина иацәыӡыз зегьы даҽа тәылакаҿ ахарҭәаара алшарц», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Ҟрымтәи аплатформа алахәылацәа рахь ааҧхьара аныҟалҵоз.

«Ари аибашьра даҽазнык аанарҧшит ҳрегиони Амшын еиқәа ашәарҭадареи  аҵакы ду шамоу.  Ари аибашьра даҽазнык аанарҧшит европатәи аконтинен зегьы аҿы – Лиссабон инаркны Қарҭынӡа аҭынчреи аҭышәынтәалареи иҟамкәа,  Европа аҭынчреи аҭышәынтәалареи шыҟамло.

Иара убас,  лабҿаба иубарҭахеит аҵакырадгьылқәа зегьы рдеокупациа ҟамлар,  Урыстәыла ахатә империалисттә хықәкқәа мап шырцәымнакәа.

Ҳаҭыр зқәу ахада Зеленски, сара гәыкала агәра згоит  шәыжәлар рҽазышәара ду абзоурала шәара ари аибашьраҿы аиааира шыжәго, шәҵакырадгьылқәа шшәырхынҳәуа. Қырҭтәыла еснагь ишәыдгылазаауеит. Нагӡара ақәзааит ихьыҧшым Украина!  », — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.