Саломе Зурабишвили – Импыҵахалоу Аҧсны, амч ахархәарала, аҭыҧантәи амилициа аусзуҩцәа Қырҭтәыла даҽа тәылауаҩк дыршьит, импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ, рыцҳашьарак ҟамҵакәа, ауаҩытәыҩса изинқәа еиларгоит
Импыҵахалоу Аҧсны, амч ахарәхарала, аҭыҧантәи амилициа аусзуҩцәа Қырҭтәыла даҽа тәылауаҩк дыршьит, импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ, рыцҳашьарак ҟамҵакәа, ауаҩытәыҩса изинқәа еиларгоит, — илҩит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили асоциалтә аҳаҿы.
«Импыҵахалоу Аҧсны, аҭыҧантәи амилициа аусзуҩцәа, амч ахархәарала, гәымбылџьбарала, Қырҭтәыла даҽа тәылауаҩк Ҭемур Карбаиа дыршьит. Ари афакт даҽазнык иҳгәаланаршәоит Урыстәыла ала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы, рыцҳашьарак ҟамҵакәа, ауаҩытәыҩса изинқәа шеиларго. Илахьеиқәҵагоу 75 шықәсатәи аиубилеи», — илҩит Саломе Зурабишвили.