Ампыҵахалареи еиуеиҧшым ақәыҕәҕәареи иахьыҧшымкәа, ақырҭуа жәлар рҳәатәы рҳәеит, рхатә амҩа алхны, лакҩакрада ари амҩа ианыланы ҧхьаҟацара иаҿуп, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рханаҿ данықәгылоз.
Атәыла ахада лҳәамҭала, Украинеи Молдовеи рхадацәа драцәажәан, дара рҟынтә адныҳәаларақәа лыдылкылеит. Зурабишвили лажәақәа рыла, лара агәра ганы дыҟоуп Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи, еидгыланы, Евроеидгыла амҩа ишахысуа, мышкы зны Евроеидгыла алахәылацәас ишыҟало.
„Аҵыхәтәантәи аӡбара зеиҧшрахо ҳара ҳауп изхьыҧшу. Иаку ҳгәазыҳәара иахьыҧшуп. Абри ауп Евроеидгыла зегьы раасҭа изхәаҧшуа, ҳара ҳаидгылазароуп, ҳаидгыланы иаку агәазыҳәара ааҳарҧшыроуп. Аҵыхәтәантәи аӡбаранӡа мчыбжьқәак роуп иаанхаз, ари аамҭа иалагӡаны, акзаареи, аҭакҧхықәреи, иаку ҳпозициеи ааҳарҧшыроуп, ҳазынтәгьы ари апроцесс ҳалахәызароуп“, – илҳәеит Зурабишвили.
Иара убас, атәыла ахада ишылҳәаз ала, уаҵәы лара Парижҟа ддәықәлоит, уаҟа имҩаҧысуа Аҭынчра афорум аҧыза-министргьы ихы алаирхәоит. Зурабишвили лҳәамҭала, „иаҳҭаху иаҳҭахыму, адеполиаризациа аганахьала ҳҿырҧшыгахоит“.
Атәыла ахада ишылҳәаз ала, иахьа инаркны анапынҵақәа ркампаниа иалагоит.
„Ҳазынтәгьы – хәыҷгьы дугьы, ҳполитикатә хәаҧшырақәа ирхьыҧшымкәа, ҳазынтәгьы ҳнапы аҵааҩыроуп, избанзар, ари аҧеиҧш ҳазынтәгьы иаҳтәуп, уи Қырҭтәыла аҧеиҧшуп“, – илҳәеит Саломе Зурабишвили. Лара Европатәи ахеилакахь ааҧхьара даҧхьеит, уи аҿы ахеилак алахәылацәа рахь аҳәара ҟаҵоуп Қырҭтәыла акандидат астатус анаршьарц.
Орбелианиаа рышҭаҿ имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы иҟан еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа.