Саломе Зурабишвили – Иахьа Европа ашҭаҿы Қырҭтәыла ахада лҳасабала акәӡам сшыҟоу, Қырҭтәыла Европа ада уаҳа ҧеиҧшк шамам агәра зго баша атәылауаҩ лҳасабала сааит
Саломе Зурабишвили – Иахьа Европа ашҭаҿы Қырҭтәыла ахада лҳасабала акәӡам сшыҟоу, Қырҭтәыла Европа ада уаҳа ҧеиҧшк шамам агәра зго баша атәылауаҩ лҳасабала сааит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала, Европа ашҭаҿы иахьа имҩаҧысуа акциа апартиатә ҟазшьа амазар лҭахымызт. Зурабишвили лҳәамҭала, иахьа Европа ашҭаҿы еизеит Қырҭтәыла Европа ада уаҳа перспективак шамам зҳәар зҭаху атәылауаа.

«Ҳара ҷыдала ҳҽазыҟаҵаны акәӡам абрахь ҳшааиз. Иахьа абра апартиатә аизара иҟазар сҭахымызт. Абра ижәбо ауаа зегьы ҳәатәык ауп ирымоу, Қырҭтәыла Европа ада уаҳа перспективак шамам рҳәар рҭахуп.  Ҳара ҭынч абри ааҳарҧшыр ҳҭахын.  Баша атәылауаа шәразҵаар еиҕьуп иахьа абрахь изааиз. Сара атәыла ахада лҳасабала акәӡам иахьа абра сшыҟоу,  Қырҭтәыла Европа ада уаҳа ҧеиҧшк шамам агәра зго баша атәылауаҩ лҳасабала сааит. Ишылшо зегьы ҟасҵоит ҳхылҵ рзы ари аперспектива анагӡара аиурц», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.