Саломе Зурабишвили – Ҳтәылауаа ауриацәеи адунеи зегьы иқәынхо ауриацәеи Песах аныҳәа рыдысныҳәалоит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ауриацәа Песах аныҳәа рыдылныҳәалеит.
Қырҭтәыла ахада адныҳәалара ҟалҵеит асоциалтә аҳаҿы.
«Ҳтәылауаа ауриацәеи адунеи зегьы иқәынхо ауриацәеи Песах аныҳәа рыдысныҳәалоит. Ахақәиҭра абзиабареи, гәыкала азыҟазаареи, аҭабуреи, Анцәа ииашара ахьчареи иазку абри аныҳәа атираниа иацәцаз, мамзаргьы иахьагьы уи иаҿагыланы иқәҧо ауааҧсыра зегьы рзы асимволтә ҵакы амоуп. Шәгәырҕьара шәыцеиҩысшоит, Песах аныҳәа шәызынтәгьы аҭынчреи мышхәыбзазареи шәзаанагааит», — илҩит Саломе Зурабишвили.