Саломе Зурабишвили  Ҳавиер  Коломина диҧылеит
Саломе Зурабишвили  Ҳавиер  Коломина диҧылеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  Кавкази Ацентртә Азиеи рҿы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Ҳавиер  Коломина диҧылеит.

Аиҧылараҿы атәыла евроатлантикатә интеграциеи,  Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьареи,  НАТОи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәеи,   2024 шықәсазы Қырҭтәыла имҩаҧысраны иҟоу алхрақәеи ирылацәажәеит.  Ҳавиер Коломина атәыла ахада илыдиныҳәалеит Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала,  ҳаҧхьаҟа имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа иазҧхьагәаҭаны,  иааиуа ашықәс атәылазы иаҳа аҵакы амоуп, избанзар алхрақәа мҩаҧысроуп адемократиатә принципқәа инрықәыршәаны.

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи дшадгыло.

Қырҭтәыла ахада импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа далацәажәан,  ақырҭуаа рышьреи  ауаҩытәыҩса изинқәа реилагареи  афактқәа дырзааҭгылан,  ишылҳәаз ала,  жәларбжьаратәи ауаажәларра абарҭ афактқәа аҭак ҕәҕәа рырҭароуп.

Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа НАТОи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи рырҭбаареи иадҳәалоу азҵаарақәагьы ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала,  иааиуа ашықәс азы Вашингтон имҩаҧысраны иҟоу НАТО асаммитаҿ Қырҭтәыла иҳаракӡоу аҩаӡараҟны аарҧшызароуп.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла ахада ладминистрациа.