Саломе Зурабишвили – Ҳара ҳазынтәгьы аҭынчреи ахақәиҭреи ауп иаҳҭаху, убри аҟынтә, Европа ҳҭахуп
Саломе Зурабишвили – Ҳара ҳазынтәгьы аҭынчреи ахақәиҭреи ауп иаҳҭаху, убри аҟынтә, Европа ҳҭахуп

«Абгара акәымкәа, аргылара. Атәра акәымкәа, ахақәиҭра. Аиҿагылара акәымкәа, акзаара. Аибашьра акәымкәа, аҭынчра. Европа абарҭ апринципқәа рышьаҭала иргылан, иахьанӡагьы абас ауп ишаауа», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  Европа амш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Лара лажәақәа рыла,  абарҭ апринципқәа рзоуп ақырҭуа жәлар Европа алалара зырҭаху.

Зурабишвили  Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа дрылацәажәан, ишазгәалҭаз ала, Урыстәыла, Украина мацара акәымкәа, Европа изықәгыло апринципқәа зегьы  — жәларбжьаратәи зини, аҳәынҭқарра цыҧхьаӡа ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳаҭыр ақәҵареи, аиашареи, адемократиеи иаҿагылеит.

«Европа абри ааҧхьаразы ҕәҕәала аҭак ҟанаҵеит: Евроеидгыла иалоу  27 ҳәынҭқарра реидгылара. Уи зегьы иреиҕьу аҭакуп. Евроеидгыла аҳәаақәа ирҭыҵуа аидгылара, Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи нрылаҵаны. Ҳтәыла ауааҧсыра реиҳара абри аҩыза Европа иалазар рҭахуп.  Иахьатәи Европа ҕәҕәоуп, еибашьрала акәымкәа, аҿиарала аҕәҕәахара иаҿуп.  Иахьа Украина, ахмеигӡаралатә, фырхаҵаралатә аҽыхьчаратә ақәҧарала,   Европаҟа амҩа ҳзаанартит. Иахьа украинаа, ртәыла мацара акәӡам ирыхьчо,  дара рхы иамеигӡакәа ҳхақәыиҭра иазықәҧоит, Европа зегьы ахақәиҭра иазықәҧоит, дареи ҳареи европатәи ҳамҩа иазықәҧоит. Ҳара уи ахә ҳшьароуп, ҭабуп ҳәа раҳәаны, иҳалшо ала ҳрыдгылазароуп  – абри ауп иахьа иҳуалу», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.