Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лҳәамҭала, атәыла ахадаратә ҵакы змоу аамҭа иҭагылоуп, атәылауаҩ цыҧхьаӡа уи ибзианы еиликаароуп.
Саломе Зурабишвили Европатәи Ахеилак аилатәаранӡа атәыла аинтересқәа рыхьчара азҵаара дазааҭгылеит.
«Атәыла аҭоурых аҿы абри аҩыза аҵакы змоу ахҭысқәа шамахамзар иҟалом. Ҳара ҳҭоурых аҿы ахадаратә ҵакы змоу аамҭа ҳҭагылоуп, атәылауаҩ цыҧхьаӡа уи ибзианы еиликаароуп. Хаҭала сара, абарҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы исылшо зегьы ҟасҵоит атәыла аинтересқәа рыхьчаразы. Иҳаҩсыз амчыбжь азы ишысҳәаз еиҧш, Европатәи Ахеилак аӡбаранӡа излауа ала ҳтәыла аинтересқәа рыхьчаразы, ҳколлегацәа зегьы ашәҟәқәа рзыҳашьҭуеит. Иара убас, аҵыхәтәантәи ҳаргументқәа рцәыргаразы, Твиттер аҿы алаҳарҵәоит ҳколлегацәа рахь иҟасҵо ааҧхьара. Рызынтәгьы ираҳҳәароуп ари амчыбжь Қырҭтәылазы, ҳтәыла европатәи аҧеиҧш азы аҵакы ду шамоу. Ишаабаз еиҧш, Еврокомиссиа Европатәи Ахеилак иабжьанагеит Қырҭтәыла европатәи аперспектива арҭарц, ҧаса уигьы ҳақәгәыҕуамызт. Макьана астатус ҳарҭом, аха агәыҕра ҳарҭеит, ареформақәа рымҩаҧгареи иахәҭоу ашьаҿақәеи рыҟаҵареи ҳалшар, ҳаргьы астатус ҳанаршьоит. Аганқәа зегьы срыҳәар сҭахуп арҭ амшқәа рзы ирылшо зегьы ҟарҵарц ҳтәыла иаҧсоу европатәи ҳәынҭқаррас аарҧшразы», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.