Саломе Зурабишвили - Гитанас Науседа иҟны зҵакы дуу аиҧылара мҩаҧызгеит, Лиетува еснагь ҕәҕәала Қырҭтәыла иадгылан, адгыларазы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили, Вильниус, Лиетува ахада Гитанас Науседа диҧылеит. Зурабишвили ари атәы лҩит „Твиттер“ аҿы.
„Қырҭтәыла адгылаҩ ду, ахада Гитанас Науседа иҟны зҵакы дуу аиҧылара мҩаҧызгеит. Евроеидгылашҟа аинтеграциа амҩаҿы Қырҭтәылазы зҵакы дуу абри аамҭазы шәара шәҟынтә хәы змам адгылара ҳамоуп.
Лиетува еснагь ҕәҕәала Қырҭтәыла иадгылан, адгыларазы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит“, – илҩит Қырҭтәыла ахада.