Саломе Зурабишвили – Евроеидгыла аҟынтә азҵаабҕьыц аиура - ашанс ҿыц ауп
«Иахьа Қырҭтәыла аҭоурых аҿы зҵакы дуу мшуп. Иахьа Евроеидгыла аҟынтә азҵаабҕьыц ҳауит, иҵегьы шықәсқәак уи ҳауеит ҳәа ҳгәыҕуамызт», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иахьатәи абрифинг аҿы Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы азҵаабҕьыц аҭара даналацәажәоз.
Лара лажәақәа рыла, Қырҭтәыла ашанс ҿыц аиуит.
«Ҳара Евроеидгыла иалахәы аҳәынҭқаррақәеи Евроеидгыла анапхгареи ҭабуп ҳәа раҳҳәароуп, аха, ҷыдала Украинеи украинатәи ақәҧареи ҳаҭабууп. Украинаа абас фырхаҵарыла иқәҧомызҭгьы, абри ақәҿиара абас ирсласны иҳауӡомызт. Украина изҭагыло арыцҳара ду иазҧхьагәаҭаны, Евроеидгыла анапхгара ари апроцесс дырццакырц рыӡбеит», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.
Лара лажәақәа рыла, атәыла азҵаабҕьыц аиуит, аха, уи аҭакҧхықәра ду ацуп.
«Абри апроблема изакәызаалак гәыҧк аҽазышәарала изыӡбахом. Уи амилаҭтә усуп, амилаҭтә интересуп. Ҳтәыла раҧхьаӡа акәны ахьыҧшымра анаиуа инаркны ҳабацәа иззықәҧоз абри амилаҭтә ус ду ҳаиднамкылар ҟалом ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳтәыла ауааҧсыра зегьы, аполитикатә мчқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит еидгыларц, уи амилаҭтә еиқәшаҳаҭроуп, абри амилаҭтә хықәкы анагӡаразы ҳаидгылароуп, агәра ганы сыҟоуп ҳара уи шҳалшо», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.