Саломе Зурабишвили – ЕАР Ассамблеиа Хадаҿы азҵаара хадас иҟалоит Украина, уаҟа аҧыза-министр ҳара иҳадҳәаланы ицәырҵыз агәҩарақәа зегьы аҧихроуп
«ЕАР Ассамблеиа Хадаҿы азҵаара хадас иҟалоит Украина, уаҟа аҧыза-министр ҳара иҳадҳәаланы ицәырҵыз агәҩарақәа зегьы аҧихроуп», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.
«Адгылара аҩбатәи афронт аартреи аибашьра аҽалагалареи акәӡам иаанаго, Қырҭтәыла ибзиаҵәҟьаны ирдыруеит адгылара иаанаго — аҩыза данеибашьуа. Адгылара иаанаго абри ауп – шәара маӡала акритика изыжәур ҟалом, намысла шәидгылазароуп, уаҳа аӡәгьы акгьы даҳәом. Қырҭтәыла, ҳара ҳаиҧшҵәҟьа импыҵахалоу атәылаҟны кыраамҭатәи ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа иазҧхьагәаҭаны, ари атәыла намысла иадгылазароуп. Абри ауп ЕАР аҿы иааҳарҧшыша, избанзар уаҟа даҽа темак ҟалом. Ампыҵахалара, аибашьра, атәылақәа зегьы рпозициа аадырҧшуеит, ҳара ҳпозициа еилкаазароуп — европатәи аҭаацәареи, ацивилизациатә демократиатә дунеи иалахәы тәылак ҳасабала иҳахәаҧшуазар ҳҭахуп. Абри ауп иааиуа амшқәа рзы, анеҩстәи амзақәа рзы иаарҧштәу. Ҳара ҳазынтәгьы уи азы аҭак ҳаҧхықәуп», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.