Саломе Зурабишвили ЕАР арезолиуциа иазкны - Абри ауп аглобалтә аидгылара захьӡу, Қырҭтәылагьы ари апроцесс иалахәуп, ҳара Украина ҳадгылоит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили асоцалтә аҳаҿы ЕАР Ассамблеиа хада Арезолиуциа дахцәажәеит, ари адокументаҿ Урыстәыла ала украинатәи атәылаҿацәқәа раннексиа иақәыӡбоит.
«Абри ауп аглобалтә аидгылара захьӡу, Қырҭтәылагьы ари апроцесс иалахәуп, ҳара Украина ҳадгылоит», — илҩит Саломе Зурабишвили.
ЕАР Ассамблеиа Хада асессиа ҷыдаҿ асессиа алахәылацәа еицҿакны ирыдыркылеит Урыстәыла ала Украина аннексиа иақәыӡбо арезолиуциа. Адокумент авторцәа иреиуп Қырҭтәылагьы. Уаҟа ишану ала, «Донецктәи, Херсонтәи, Лугансктәи, Запорожтәи атәылаҿацәқәа аамҭала Урыстәыла ала импыҵахалоуп, уи Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи еиланагоит».
Арезолиуциа аҳәынҭқаррақәеи аиҿкаарақәеи зегьы рахь ааҧхьара ҟанаҵоит Урыстәыла ала аннексиа аҽазкра иазхарымҵарц. Арезолиуциа иадымгылеит Урыстәылеи, Беларуси, Аҩадатәи Кореиеи, Сириеи Никарагуеи.
Ассамблеиа 35 алахәылацәа абжьыҭираан рҽааныркылеит.