Саломе Зурабишвили ЕАР аҟны Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс Давид Бақраӡе иқәыргылара лнапы аҵалҩит
Саломе Зурабишвили ЕАР аҟны Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс Давид Бақраӡе иқәыргылара лнапы аҵалҩит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ЕАР аҟны Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс Давид Бақраӡе иқәыргылара лнапы аҵалҩит.

Ахада ладминистрациа аҟынтә ишаарыцҳаз, ацҳаражәҳәаҩцәа рықәыргылара иазку арзаҳалқәа зегьы ранпы аҵаҩуп.

Давид Бақраӡе ари аҭыԥ Каха Имнаӡе ицырхәрас ааникылоит.

Сынтәа, ԥхынгәы 22 рзы Қырҭтәыла ахада Салолме Зурабишвли Актәи аканал аинтервиу аҿы ишылҳәаз, ахадас далырхижьҭеи 37-ҩы́к ацҳаражәҳәаҩцәа рҟынтә 36-ҩык рықәыргылара лнапы аҵалыҩхьеит, даанхеит Давид Бақраӡе.

“Уи хәышықәса ЕАШ рҟны ацҳаражәҳәаҩс дыҟан, ихәарҭоу ҳәа акгьы ҟаимҵаҿеит, ЕАР ахь доужьтәым, даҽаџьара дцааит,” – илҳәеит ахада аинтервиу аҿы.