Саломе Зурабишвили  Бельгиа аҳ иахь  - Шәара сшәывагыланы  "Европалиа Қырҭтәыла" аартра ацеремониа аҽалархәразы мапкра ахьсықәшәаз сгәы иалоуп
Саломе Зурабишвили  Бельгиа аҳ иахь  - Шәара сшәывагыланы  "Европалиа Қырҭтәыла" аартра ацеремониа аҽалархәразы мапкра ахьсықәшәаз сгәы иалоуп

«Сара сҭаххара иахьыҧшым 2 мзызк рымшала,  «Европалиа  Қырҭтәыла» аинаугурациа иазку зҵакы дуу ауснагӡатә аҿы схаҭарнакратә ҧхықәрақәа  рынагӡара  алшара сымам, уи даараӡа сгәы иалоуп – иануп Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Бельгиа аҳ Филипп изылҩыз ашәҟәы аҟны.

«Сара сҭаххара иахьыҧшым 2 мзызк рымшала,  «Европалиа  Қырҭтәыла» аинаугурациа иазку зҵакы дуу ауснагӡатә аҿы схаҭарнакратә ҧхықәрақәа  рынагӡара  алшара сымам, уи даараӡа сгәы иалоуп. Ганкахьала  – атәыла аиҳабыра ари ауснагӡатә алахәызааразы мап сцәыркит, егьи аганахьала – жьҭаара 3еи 4еи рзы  Аконституциатә аӡбарҭаҿы симпичмент азҵаара иахәаҧшуеит, абарҭ 2 мзызк рымшала зҵакы дуу абри ауснагӡатә аҿы схаҭарнакратә ҧхықәрақәа сзынагӡом.

Шәаҳаракыра, абарҭ афакторқәа рзы шәара шәҿаҧхьа аҭамзаара шьҭасҵар сҭахуп. Егьи аганахьала,  ақырҭуа жәлари сареи ҳахьӡала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит  Европа агәҭаны ақырҭуа культура ахьшәыдышәкылаз азыҳәан.  Ишыҟазаалакгьы, сара агәра ганы сыҟоуп ари ахҭыс Қырҭтәылеи Бельгиа аҳреи реизыҟазаашьақәа рҭоурыхаҿ адаҟьа ҿыцны ишыҟало», — илҩит  Саломе Зурабишвили.