Саломе Зурабишвили Азербаиџьан аҧыза-министр диҧылеит
Саломе Зурабишвили Азербаиџьан аҧыза-министр диҧылеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Азербаиџьан аҧыза-министр Али Асадов диҧылеит.

Қырҭтәыла ахада ладминистрациа адыррала,  Саломе Зурабишвили Азербаиџьан аҧыза-министр Қырҭтәыла ивизит дшазыразу азгәаҭаны, ишылҳәаз ала, хара имгакәа Азербаиџьан ахада Ильҳам Аиев Қырҭтәыла даҭааип ҳәа дгәыҕуеит.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, иахьа адунеи арегиони рҿы имҩаҧысуа апроцессқәа раан Қырҭтәылеи Азербаиџьани реиҩызаратәи рпартниортә еизыҟазаашьақәа  аҵакы ҷыда рымоуп.

Орбелианиаа рханаҿ имҩаҧгаз аиҧылараҿы аекономикеи, аенергетикеи, аинфраструктуреи аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаара иазку азҵаарақәеи азеиҧш проектқәа ирымоу аҵаки иалацәажәеит.

Азербаиџьан аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала,  агеополитикатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны иуҳәозар, атранспорти аенергетикеи ахырхарҭала иҟоу апоптенциал инаӡаны ахархәара аҵакы ду амоуп.