Саломе Зурабишвили -  Ахақәиҭроуп ҳара мчыс иҳамоу, уи ацхыраарала ампыҵахалареи атәра егьырҭ аформақәеи  ҳарҿагылароуп
Саломе Зурабишвили -  Ахақәиҭроуп ҳара мчыс иҳамоу, уи ацхыраарала ампыҵахалареи атәра егьырҭ аформақәеи  ҳарҿагылароуп

Асоветтә ампыҵахалара амш инамаданы,  Қырҭтәыла ахада лрезиденциаҿ,  Орбелианиаа рханаҿ аартын иқәыҧшу ақырҭуа асахьаҭыхҩцәа рцәыргақәҵа. Атәыла ахада ладминистрациаҿы ишырҳәаз ала,  арыцҳара ду зхылҵыз амш азы,  жәабран 25 рзы иаарту ацәыргақәҵа аанарҧшуеит  аҕа ақырҭуа аҳәынҭқарра мацара акәымкәа,  ақырҭуа культурагьы инеизакны арҿиамҭатә хақәиҭрагьы аҿагылараҿы дшаҵахаз.  Ацәыргақәҵа алахәылацәеи асасцәеи рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.

«Иахьатәи амш ҷыдала ихьанҭоуп,  аха,  зегьы реиҳа ихадоу  — ақәҧара анагӡароуп,  ҳара  бџьарлеи еибашьралеи мацара акәымкәа,  ахархәагақәа зегьы рыла ампыҵахалареи атәтәра егьырҭ аформақәеи  ҳарҿагылароуп.  Ахақәиҭроуп мчыс иҳамоу. Убри ала путинизм аформақәа зегьы ҳариааиуеит,  избанзар ахақәиҭразоуп ауаҩы дзиуа,  дзынхо.

Убри аҟынтә,  иахьа гәахәарыла,  зхы иақәиҭны  иқәҧо,  зхы иақәиҭны ихәыцуа ауаа ашәқәа рзааҳартит. Қырҭтәыла ахы иақәиҭуп,  абри аҩыза Қырҭтәыла аӡәгьы ахаангьы дзаиааиуам», — илҳәеит атәыла ахада.

Ацәыргақәҵаҿы ицәыргоуп  Борена Наҷҟебиеи, Нина Ахобаӡеи, Нино Гидериӡеи, Гела Патиашвилии, Давиҭ Кухалашвилии, Ута Беқаиеи, Гурама Шавдиеи, Машо Одишелиӡеи, Иоана Ҵулаиеи, Тео Маспии, Вато Бақраӡеи, Даҭо Афакиӡеи русумҭақәа.