Саломе Зурабишвили: Ахақәиҭра  – ҳареи Европеи  иаҳзеиҧшу апринцип хадоуп
Саломе Зурабишвили: Ахақәиҭра  – ҳареи Европеи  иаҳзеиҧшу апринцип хадоуп

 

Иахьа Қырҭтәыла ахада Ҵнори иҟоу  «Адырра акаҳуажәырҭа» даҭааит.  Уаҟа акампаниа «Ҳабжьы Европа иаҳҭоит» адгыларазы анапынҵақәа реизгаратә кампаниа иалахәы аҿари аҭыҧантәи ауааҧсыреи дырҧылеит.

Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала,  европауаа атәыла аиҳабыреи аполитикатә партиақәеи рыбжьы мацара акәымкәа,  Қырҭтәыла ауааҧсырагьы рыбжьы раҳароуп. Лара ишазгәалҭаз ала,  Евроеидгыла –   еиуеиҧшым атәылақәа рмилаҭтә принципқәеи, ркультуреи,  рбызшәақәеи зегьы иреиҕьны изыхьчо аидгылоуп.

«Абри ауп европатәи ахкырацәара захьӡу,  избанзар,  уаҟа зегьы пату еиқәырҵоит. Уи аҳәынҭқаррақәеи амилаҭқәеи реидгылоуп. Уахь аӡәгьы мчыла дрыдыркылом. Иаҳҭахымзар ҳалалом. Аха,  иахьа ақырҭуа жәлар,  ҷыдала аҿар,  ишьақәдырҕәҕәеит ҳара,  иҳадарцало даҽа идеологиак акәымкәа,   Европа шаҳҭаху», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада.