Саломе Зурабишвили аусуратә визитла Польша даҭаауеит
Саломе Зурабишвили аусуратә визитла Польша даҭаауеит

Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили  ҧхынҷкәын 5 рзы Польша ахада Анџьеи Дуда диҧылоит.

Атәыла ахада ладминистрациа апресс-маҵзура адыррала, аиҧылара ашьҭахь, атәылақәа рлидерцәа, Варшава, Польша ахада иханаҿ, АИХ рзы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.

Ҧхынҷкәын 6 рзы Қырҭтәыла ахада,  Григол Ҧераӡе иҧсра инаркны  80 шықәса аҵра инамаданы Освенцим ақалақьаҿ имҩаҧысуа ауснагӡатә лхы алалырхәоит.

Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла ахада, Европатәи аколлеџь ахаҭарнакцәа дырҧылоит, лара  Қырҭтәыла иҟоу апроблемақәа ирызкны астудентцәа алекциа дырзаҧхьоит.